Тҟәарчал араион ахада лмашьына амца акит асабша ашьыжь

© Foto / очевидецАвтомобиль главы Ткуарчалского района
Автомобиль главы Ткуарчалского района  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион аҿы иҟоу Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аҟәшахьы аҭел иасны абылразы адырра ҟарҵеит асабша ашьыжь асааҭ 4:20 рзы.

АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Тҟәарчал араион ахада Аида Чачахлиа лмашьына блит асабша ашырԥазы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

"Ҳусзуҩцәа ашьыжь асааҭ 4:20 рзы аҭел ала адырра анроу ашьҭахьҵәҟьа аҭыԥахь инеит. Амашьына адәахьы игылан, уи абылраан аӡәгьы ааха имоуит", - ҳәа азгәеиҭеит Гындиа.

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аинформациала, амашьына амцакра иадҳәаланы аусҭҵаара иаԥхьанеиуа агәаҭарақәа мҩаԥысуеит. Агәаҭара мҩаԥнагоит Тҟәарчал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша.

Ажәабжьқәа зегьы
0