Актиор Рубен Депелиан аҽа операциак изыҟаҵатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАктиор Рубен Депелиан
Актиор Рубен Депелиан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Актиор Рубен Депелиан игәабзиара аиҭашьақәыргыларазы агәыҳалалратә спектакль мҩаԥган РУСДРАМ аҿы 2018 шықәса, жьҭаарамзазы.

АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. РУСДРАМ аспектакль "Алахь ҟьаҟьа" (Широколобый- аред.) аҟны еизгахо аԥарақәа зегьы Рубен Депелиан ицхыраарахь инанашьҭуеит. Аспектакль мҩаԥысраны иҟоуп жәабран 19 рзы. Рубен Депелиан аҽазныкгьы аоперациа изутәуп иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз атеатр адиректор Иракли Хынҭәба.

"Ишыжәдыруа еиԥш РУСДРАМ актиор Рубен Депелиан агәамбзиара имоуп. Хымз раԥхьа аоперациа изыҟаҵан изшьапык аҿы. Уажәы егьи ишьапгьы аоперациа азутәуп. Еизгатәны иҟоуп 300 нызқь мааҭ аԥара. Ахәаԥшыҩцәа ҳарзыԥшуп. Дасу илшоит ҳактиор ишьапы иқәгылараҿы ацхыраара иурц", - ҳәа иҳәеит Хынҭәба.

Актиор Рубен Депелиан игәабзиара аиҭашьақәыргыларазы раԥхьатәи агәыҳалалратә спектакль мҩаԥган РУСДРАМ аҿы 2018 шықәса, жьҭаарамзазы. Усҟан еизган 300 нызқь мааҭ.

Депелиан ихаҭа иакәзар, РУСДРАМ Facebook аҿтәи аофициалтә даҟьаҿ иҩит актәи аоперациа қәҿиарала имҩаԥысит ҳәа. Иара убасгьы актиор РУСДРАМ артистцәеи ахәаԥшцәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы.

"Арыцҳара, иду ихәыҷы угәы уҽанӡамкәоуп уԥсҭазаараҿ ишцәырҵо. Ахьаа, ашәара, амчымхара, азаҵәра, агәыӷра ацәыӡра – зегь узцәырнагоит. Абас еиԥш иувагыло даныҟамла угәы каҳауеит. Аӡә данувагыло еиҳа иузымариахоит зегь рыхгара. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит зегьы", - ҳәа иҩуеит Депелиан.

Рубен Депелиан РУСДРАМ атруппахь дрыдыркылеит 2007 шықәса рзы. Дыхәмаруан аспектакльқәа: "Рождество в доме Купьелло", "Тартюф", "Пять вечеров", "Примадонны", "Ревизор", "Клинический случай", "Все мои сыновья" рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0