Гагра араион аҿы амҩатә машәыр ҟалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМедицина
Медицина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥсахара ақыҭа азааигәара амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа АҶА Гагратәи аҟәша адиспетчерцәа адырра роуит жәабран 20, асааҭ 10:27 рзы.

АҞӘА, жәабран 20– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амарка Toyota иаҵанакуа автомашьынақәа ҩба жәабран 20 рзы Аҟәатәи амҩаду аҿы, Ԥсахара ақыҭа ааигәара еиҿасит ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит АҶА Гагратәи аҟәша адиспетчерцәа рыҟәшаҟынтә.

"Автомашьынақәа реиҿасра иахҟьаны ааха роуит ԥшьҩык. Ԥсыҭбара ыҟам", - ҳәа рҳәеит АҶА аусзуҩцәа.

Хҩык аҭыԥҳацәеи хаҵаки Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаган.

"Амашьына аԥсҟы зкыз аӡӷабцәа руаӡәк ареанимациаҿ дышьҭоуп. Лҭагылазаашьа уашәшәыроуп. Егьырҭ аоперациа разырхиара ҳаҿуп", - иҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Виачеслав Аргун.

Ԥсахара ақыҭа ааигәара амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа АҶА Гагратәи аҟәша адиспетчерцәа адырра роуит жәабран 20, асааҭ 10:27 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0