Владимир Путин Афедералтә еизарахь есышықәсатәи анацҳамҭа ҟаиҵоит

Анапаҵаҩра
Владимир Путин Афедералтә еизара аҿаԥхьа дықәгылараны дыҟоуп. Sputnik Аԥсны асаит аҿы иқәгылара ишиашоу идырбахоит.

АҞӘА, жәабран 20 — Sputnik. Урыстәыла ахада есышықәса, традициак аҳасаб ала Афедералтә еизара аҿаԥхьа дықәгыланы атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьеи ԥхьаҟатәи апланқәеи дрылацәажәоит.

Анацҳамҭа программатә политика-зинтә документуп, иаанарԥшуеит Урыстәыла аҿиара астратегиатә хырхарҭақәа, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш абашьа, аекономикатә, аидеологиатә ҭагылазаашьа.

Атәыла ахада иқәгылара  аканал хадақәа зегь рыла иддырбоит.

Ииасыз ашықәс азы  Афедералтә еизарахь анацҳамҭа ҟаҵан хәажәкыра 1  2018 шықәса рзы. Путин усҟан атәыла аҭагылазаашьа ҟазшьарбаганы иазиԥхьаӡеит, еиҳа ишәарҭангьы далацәажәеит  ашьҭахара.

Иара убасгьы далацәажәеит Урыстәыла иамоу астратегиатә бџьар ҿыц. Путин иқәгылараан  аекранқәа рыла идырбан абџьар ҿыц аԥышәара.

Апарламентарицәа ргәаанагарала иахьатәи анацҳамҭаҟны акцент аҭахоит асоциалтә политика: атәылауаа рыбзазара аиӷьтәра, аиҳабыра русура ахәшьара азура, акоррупциа аҿагылара, аӷарра аԥыхра, иара убасгьы амилаҭтә проектқәа .

Ажәабжьқәа зегьы
0