Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба: ҳмилаҭ ҷыдарақәа хшыҩзышьҭра аҭатәуп адгьыл аҭира ҳаналацәажәо

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны еиҭамҵуа амазара аҭагылазаашьеи уи аԥхьаҟатәи аԥеиԥши" атема иазкыз астол гьежь аҿы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иазгәеиҭеит адгьыли анхарҭеи рызҵаара акыр шықәсқәа инеиԥынкыланы ишьақәгылахьаз амилаҭтә традициақәа ишрықәшәоз.
Ашәба: адгьыл аҭиираан аԥсуаа иаҳтәу амилаҭтә ҷыдарақәа хшыҩзышьҭра аҭатәуп

"Иахьа ишьақәгылахьоу азакәантә ԥҟарақәа инарықәыршәаны аҳәынҭқаррақәа ирымоу рхатә ԥышәа ҳаргьы ҳазхьаԥшуеит, уи еиҭаҵуа еиҭамҵуа, аҭиира- аахәара, закәанла ишьақәҳаргылоит, аха ҳара иаҳтәу амилаҭтә ҷыдарақәа зныԥшуа, хшыҩзышьҭра аҭәатәны исыԥхьаӡоит. Избанзар, ҳмилаҭә хаҿра аанарԥшуеит, ҳаизыҟазаашьа, ҳтәыла ҳҳәынҭқарра, ҳмал, ҳмазара. Еиҭаҵуа еиҭамҵуа ҳәа азнеишьа ыҟамызт аԥсуа изы. Аԥсуа имазара ҳәа иԥхьаӡан иҩны, игәара, ирахә, идгьыл, иара иҵанакуаз арахә рҳәырҭа уҳәа убас. Адгьыл рацәа зҵазкуаз ауаҩы иакәын. Аамсҭара зырҭоз рҟны раԥхьа ирыԥхьаӡоз ирымаз амал акәын. Аџьырмыкьа- аԥсуаа еснагь иацәтәымын", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0