Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥлиаԥҳа: аҵаҩцәа реиԥш ҳаргьы иџьаҳшьоит Дырмит Гәлиа ижәлар рзы илиршаз

CC0 / из личного архива / Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ ааӡара аҟәша аиҳабы Хатуна Ԥлиапҳа
Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ ааӡара аҟәша аиҳабы Хатуна Ԥлиапҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ ааӡара аҟәша аиҳабы Хатуна Ԥлиапҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 145 шықәса аҵра шазгәарҭо атәы.

 

Ԥлиаԥҳа: аҵаҩцәа реиԥш ҳаргьы иџьаҳшьоит Дырмит Гәлиа ижәлар рзы илиршаз

"Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ Дырмит Гәлиа ихьӡ ахыуп. Есышықәса данииз амш азгәаҳҭоит. Еиҳаркгьы ҳара ҳазҿлымҳауп ҳбызшәала иахьа ҳаԥхьо, ҳаҩуа ҳҟазҵаз Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа иҳаҭара закәыз ахәыҷқәа деилыркаара, ихьӡ акамыршәразы еиуеиԥшым усмҩаԥгатәқәа азгәаҳҭоит. Урҭ иира амш аиаанӡа ианымҩаԥааго ыҟоуп мчыбжьк иназынаԥшуа. Иахьазы, Аԥсны еиқәханы иҟоу Гәлиа изку авидеохроника дҳарбалоит. Аха сынтәа аӡын ачымазарақәа ирхырҟьаны ашәахьоуп ҳаналага. Ашкол аҟны аҭӡы гаӡеҭқәа ҭҳажьит, аклассқәа рҿы иаарту асааҭқәа мҩаԥаагоит. Ҳгәы иҭоуп мшаԥымзанӡа ашәҟәыҩҩцәа аларахәны Дырмит Гәлиа иира амш инарҭбааны ҳашкол аҟны иазгәаҳҭарц", -лҳәеит Плиаԥҳа..

 

Арҵаҩы иазгәалҭеит ахәыҷқәа ашкол аҟны  ишџьаршьо аԥсҭазаараҟны амыҟәмабарақәа зхызгаз Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа ижәлар рзы акырӡа ахьилиршаз.

Аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭаҵаҩ, аԥсуа "Анбан" аиқәыршәаҩ, рапҳьатәи аетнограф, раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" аредақтор, раԥхьатәи атеатртә труппа аиҿкааҩ Дырмит Гәлиа диижьҭеи иахьа 145 шықәса ҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0