Аҭоурых аҿы раԥхьаӡакәны ҩыџьа аҳәса иаарту акосмос ахь еиццоит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкосмостә ӷба "Союз МС-12" аракетамҩангага "Союз-ФГ" аманы адәықәлара
Акосмостә ӷба Союз МС-12 аракетамҩангага Союз-ФГ аманы адәықәлара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, акосмодром Баиконур аҟынтәи хәажәкыра 14, асааҭ 22:14 рзы ишьҭыԥраауеит акосмостә ӷба "Союз МС-12", аракетамҩангага "Союз-ФГ" аманы. Жәларбжьаратәи акосмостә станциеи (МКС) иареи реидылара мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 15, асааҭ 4:07 рзы.

АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны ҩыџьа аҳәса иаарту акосмос ахь реицԥырра мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра анҵәамҭазы. Иара иалахәхоит америкатәи аҳәсақәа Енн МакКлеини Кристина Куки ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, НАСА адыррақәа шьаҭас иганы.

Иаарту акосмос ахь 1984 шықәсазы иҭыҵыз раԥхьатәи аԥҳәыс асовет космонавт Светлана Савицкаиа лакәын.

"Союз МС-12" аекипаж шьақәгылоуп урыстәылатәи акосмонавт Алексеи Овчинини, америкауаҩ Ник Хеиги, америкатәи астронавт Кристина Куки.

Урыстәылатәи аробот акосмос ахь аԥырра иазыхиоуп

"Союз МС-12" аекипаж аорбитаҿы 204 мшы иҟазаауеит. Овчинин уажәы аҩынтәраан дԥыруеит, Хеиги Куки – раԥхьаӡакәны. Жәларбжьаратәи акосмостә станциа (МКС) аҟны аусураан аекипаж аидарамҩангага ӷбақәа "Прогресс", Dragon, Cygnus, HTV аднакылоит, иаарту акосмос ахь иҭыҵуеит, аҭҵаарадырратә експерементқәа мҩаԥнагоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0