"Арра сахысуан Аҩадатәи амшынтә флот аҿы, быжьҩык аԥсуаа ҳаицын. Северодвинск аӡаҵаҟатәи аӷбақәа ахьыҟарҵо азауад ҳақәшәеит. Уара аҵара умоуп рҳәан, аракетақәа рыла аԥышәарақәа ахьымҩаԥыргоз сахырыпҳьаӡалеит. Баренцево амшын аҟнытә аракета андәықәаҳҵалак ицаны Камчатқа икаҳауан, аха уи амҩақәҵара ус имариамызт. Зны узбекк дсывадыргылеит исырҵарцаз аракета амҩақәҵашьа, ахсаала саԥхьа иқәҵаны изеиҭаҳәара салагеит. Х-сааҭк раҟара анца ашьҭахь акыр еилукаама ҳәа саниазҵаа, изакәи иара аракета ҳәа насаҭеикит. Сусураҿы схы бзиан иаасырԥшит, сызхагылаз амаругаҿы аӷа иааишьҭуаз аракета анызбалак ҳааигәа иаасышьҭуамызт, усҟан ҳԥышәарақәа зегьы маншәаланы имҩаԥысуан", - ҳәа игәалаиршәоит Ҭарба.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.