Лев Кәыҵниа: АҶА аҳәаақәа ирҭагӡаны амедицинатә усбарҭа аԥҵахоит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҶА
АҶА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Москваҟа иныҟәара атәы далацәажәеит апресс-конференциаҿы, жәабран 26 рзы.

АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны АҶА аҳәаақәа ирҭагӡаны амедицинатә усбарҭа аԥҵахоит иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа апресс-конференциаҿы, жәабран 26 рзы.

"Москва ҳаҟазаара адҳәалан АҶА аҩныҵҟа амедицинатә усбарҭа аԥҵара азҵаара аӡбра. Арахь иаҵанакраны иҟоуп асанитартә авиациа, арыцҳарақәа рмедицина. Ареабилитациатә центр", - иҳәеит иара.

Кәыҵниа АҶА амедицинатә усбарҭазы: даара иаҭаху усуп

Москва имҩаԥысит агәабзиарахьчара аминистрраҿы аиԥылара.

"Ҳара ҳзызнеиз ирзеиҭаҳҳәеит иаҳҭаху атәы, амедицинатә цхырааразы аусбарҭа аиҿкаара ҳалацәажәеит. Урыстәылатәи ҳколлегацәа азыхиоуп аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуанаҵы Аԥсныҟа иааны иахәҭоу ашәҟәқәа разырхиараҿы ҳацхраара", - иҳәеит Кәыҵниа.

Лев Кәыҵниа иара убасгьы иҳәеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрреи дареи аусҳәарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩраны ишыҟоу.

"Уи ала азиншьаҭатә усурақәа еиҿкаахоит. Асанитартә авиациа ҳалацәажәозар абри ахырхарҭала аус аауеит. Верталиотк ҳамоуп, аха иара аԥхьатәи ацхыраараҟаҵаразы ишахәҭоу еиқәыршәам", - иҳәеит аминистр.

Лев Кәыҵниа иҳәеит урыстәылатәи аган шазыхио аверталиот ишахәҭоу еиԥш аиқәыршәара.

АҶА аминистр Лев Кәыҵниа - Sputnik Аҧсны
Лев Кәыҵниа: АҶА аминистрраҿы аус зуа еснагь русура иазыхиоуп

Москва иара убасгьы иалацәажәеит аверталиотқәа рыла ауаа Аԥснытәи ахәыәшәтырҭақәа рҿеиԥш Адлери Шәачеи рыхәышәтәырҭақәа рахь рнагара азҵаарагьы.

"Мчыбжьқәак раԥхьа Шәача сыҟан. Аҳаиртә баӷәаза аиҳабыреи сареи ҳаицәажәон. Дара азыхиоуп ҳ-санавиациа адкылара", - иҳәеит иара.

Аминистр иажәақәа рыла Аԥсны ихымԥадатәиуп ареабилитациатә центр аԥҵарагьы.

"Ареабилитациа дахысыр илшоит дарбанызаалакгьы Аԥсны атәылауаҩ. Иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵараан арахь иаар рылшоит Урыстәыла атәылауаагьы", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.

Аминистр иажәақәа рыла иазыԥхьагәаҭоуп ареспублика араионқәа рҿы аиқәырхаҩцәа русура аиҿкаара, иахәҭаны ишааҟалаз ацхыраара иазыхиахартә еиԥш.

Иара ишиҳәо ала Аԥсны АҶА аҳәаақәа ирҭагӡаны амедицинатә усбарҭа аԥҵара арыцхәқәа урыстәылатәи агани дареи реиҿцәажәарақәа ирылҵшәахоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0