"Апроект "Аԥсуа литература ашедеврқәа" хҩык иаԥшьаҳгеит: Аԥсуа театр анапхгаҩы Нодар Ҷанба, атеатр алитература аҟәша аиҳабы, апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа, иара убас сара. Актәи ахәылԥаз иҳаҩсыз ашықәс абҵарамзазы имҩаԥган, ахәаԥшыҩцәа ибзианы ирыдыркылеит. Апроект зегь раԥхьа иргыланы хықәкыс иамоуп аԥсуа бызшәа аӡыргара, иара убас иаҳҭахыуп аҿар аԥсуа поезиа рдыруазарц. Ҳбызшәа ихадоу аҭыԥ ааннакылозароуп ҳҳәынҭқарра ҭышәынтәаланы иҟаларц азы. Уажәтәи ахәылԥаз темас иамоуп абзиабаратә лирика. Ҳара аԥсуаа маҷк ҳацәыԥхашьоит абзиабара иаартны алацәажәара, аха сара исыӡбеит ауаҩы аӡә бзиа данибо иҩныҵаҟа имоу агәжәажәара, агәҭынчымра актиорцәа рыла аарԥшра", - иҳәеит Ҭодуа.
Иара адырра ҟаиҵеит ахәылԥаз ԥшьыхәҭакны ишшоу. Уи иалахәхоит асценаҟны раԥхьатәи зшьаҿақәа ҟазҵо реиԥш, ихатәроу аԥсуа артистцәагьы.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны аҩаша, жәабран 26 асааҭ 19 рзы имҩаԥысуеит "Аԥсуа литература ашедеврқәа" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩбатәи ахәылԥаз.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.