Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит аҵәахырҭатә фонд аҟынтә афинанстә цхыраара аҟаҵара мап зацәкыз

© Sputnik / Томас ТхайцукБадрак Авидзба
Бадрак Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахатәы аҭаҵәахратә фонд аҟынтә афинанстә цхыраара аҟаҵара аанкылоуп, абри аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит иахьа Аԥсны аминистрцәа реилазаараҿы. Избан, изыхҟьазеи ус еиԥш аӡбамҭа адкылара - абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аиҳабыра реилазаара аилатәара иалахәыз акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.
Аҩӡба еиҭеиҳәеит аҵәахырҭатә фонд аҟынтә афинанстә цхыраара аҟаҵара мап зацәкыз

"Мзызс иҟоу убри ауп Аԥсны аԥсабара ахҟьа-ԥҟьақәа лассы-лассы иҟалалоит, иаҳҳәап аӡхыҵра, амцакрақәа, абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа рыӡбароуп иззырхоу Аԥсны аминистрцәа реилазаара аҵәахырҭатә фонд аԥарақәа. Иахьазы уи 50 миллион мааҭ шьақәнаргылоит, ари даара имаҷуп ҳәа ахыиҳәааит ҳтәыла аԥыза-министр Валери Бганба. Ишьақәыргылоуп асиа, аԥсабаратә хҟьа-ԥҟьақәа рҟынтә ааха зауз ацхыраара рыҭара, иара убас аиқәырхаратә усқәа рымҩапгара уҳәа, убарҭ инархыҳәҳәо аусмҩаԥгатәқәа аԥара рзоужьра азин ыҟам. Иҟан аҭагылазаашьақәа аԥара ахьышьҭтәымыз ианырышьҭуаз, ҿырԥштәыс иаагозар, аҳәаанырцә аҵара зҵо ахәыҷқәа ацхыраара рыҭарахь, ҳтәыла анҭыҵ имҩаԥысуаз атурнирқәа ҳаспортсменцәа рхы аладырхәырцаз ацхыраара рзыҟаҵарахь уҳәа убас иҵегьгьы. Урҭ зегьы рзы аԥарақәа абиуџьеҭ аиқәыршәараан иазԥхьагәаҭлатәуп ҳәа азгәеиҭеит Бганба", - еиҭеиҳәеит Аҩӡба.      

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0