00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
Сезон пикников
14:56
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
13 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
13 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьыкырԥҳа: аԥхьарца абжьы ахаареи аԥшӡареи сгәы иақәшәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРадима Џьыкырба
Радима Џьыкырба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә оркестр алахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адизаини аграфикеи рҟазаратә ҟәша астудентка Радима Џьыкырԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит жәлар рмузыкатә арҳәагақәа рахьынтә иаҳа лгәы зызцо, уи ахьӡ аҵакы, ажәытәан еиҳарак ианадырҳәоз уҳәа ртәы.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Џьыкырԥҳа аԥхьарца иазкны

"Аԥшьбатәи акласс аҟны стәан раԥхьаӡа аԥхьарцаҟны ахәмарра саналага. Саныхәыҷыз инаркны амузыка бзиа избон. Ҳқыҭа Хәаԥ Денис Арухаа еиҿикааз ахәыҷтәы ансамбль "Аҿарпын" салан. Иара ибзоуралоуп иахьа уажәраанӡагьы аԥхьарцаҟны сшыхәмаруа. Ашкол саналга, сҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа, сыхәмаруеит еиуеиԥшым аинструментқәа рыҟны. Аха зегь реиҳа аԥхьарца абжьы ахаареи аԥшӡареи иаҳа сгәаҟны иаанхеит, агәыбылра скит. Иахьа аус зуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә жәлар рмузыкатә арҳәагақәа роркестр аҟны, иасырҳәоит аԥхьарца. Ажәытәан уи амузыкатә рҳәага ҩ-рахәыцк аман, иахьазы ԥшьба рҟынӡа инаӡоит. Ҳинструментқәа ҳзыҟаиҵоит Хәаԥ ақыҭан инхо Уасил Арухаа. Аԥхьарца аҵакы уахәаԥшуазар, ԥхьаҟа ацароуп иаанаго. Уи еиҳарак рхы иадырхәон ажәыларақәа раан, ар раԥхьагылаҩ, аԥхьарца арҳәаны, аибашьцәа ргәы шьҭихуан, убасгьы ачымазаҩ игәы ихеиршҭырц азы ианадырҳәозгьы ыҟан", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.

Жәлар рмузыка афестиваль "Аԥхьарца" Аҟәа имҩаԥысит ахәаша Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0