"Сҩызак ишиҳәаз еиԥш, агәыҳалалреи абзиабареи ахьынӡаҟоу аԥсҭазаараҟны ауаа ыҟазаауеит. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" раԥхьа аусура ианалагоз исгәалашәоит усҟан иҟаз алшарақәа, иаҳзыҟаҵома, адгылара ҳарҭома ҳәа ахәыцрақәа. Аха ауадаҩрақәа ахьыҟам адунеи аҟны ҭыԥ ыҟам. Усҟан иҳадгылаз ҳҩызцәа рыцхыраарала аусура ҳалагеит, абар ԥшьышықәсагьы ҵит. Арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа 50 миллион мааҭ абиуџьет ҳаман. Уи рацәамзар ҟалап, аха Аԥсны аҭагылазаашьа ҳанахәаԥшуа - иагьмаҷым. Ҳалшарақәа, хымԥада, ҳааигәа иҟоу аҳәынҭқарреи ҳареи иҳабжьоу ахәаахәҭра гәаҭаны, абиуџьет еиҿаҳкаауеит. Ҳара ацхыраара ҳазҭо аилахәырақәа Урыстәыла, ма Ҭырқәтәыла ахәаахәҭра знапы рылаку роуп. Уи абизнес аҟынтә ироуа ахашәала хә-процентк рыла ауп афонд абиуџьет шыҟаҳҵо. Аԥхьа ҳаналагоз аасҭа ҳалшарақәа рацәам, сынтәа иазгәаҭаны иҳамоуп 10 миллион мааҭ рҟынӡа. Хымԥада, иаҳа еиҳазар акәын, избанзар ҳауаажәлар ацхыраара ахьырҭаху аусқәа даара ирацәоуп. Ҳхәынҭқарра иахьа изхьымӡо аусқәа рҟны ҳауаажәлар ацхыраара, адгылара раҳҭарц ҳгәы иҭоуп, уи ҳаҟәыҵӡом, амиллионқәа ҳамазаргьы иҳамамзаргьы, ҳауаажәлар рывагылара ҳуалуп ҳәа иаҳԥхьаӡоит", - иҳәеит Гогәуа.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аус ауеижьҭеи 4 шықәса ҵуеит.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.