Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арышԥҳа: аԥсуа хәыҷтәы канал аусура иазку апроект макьана изынагӡахом

© Sputnik / Томас ТхайцукТамила Аршба
Тамила Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Тамила Арышԥҳа  Sputnik иалҭаз аинтервиу аҟны илҳәеит  ахәыҷқәа аԥсуа абызшәа дырҵара, агәыбылра дыркра иадҳәалоу апроектқәа рацәаны ишрымоу, аха аԥара аҟамзаара иахҟьаны урҭ рахьынтә иахьа аус зуа шмаҷу.
Арышԥҳа: аԥсуа хәыҷтәы канал аусура иазку апроект зынагӡахом

"Ателехәаԥшра иалшо акьыԥхьгьы иалшаӡом абызшәа арҵараҟны, апропаганда азураҟны. Ателехәаԥшра аус ацура даара иаҳҭахуп, избанзар иалшо рацәоуп, апроектқәагьы маҷымкәа иҳаман абызшәа аҵаразы, уи аҭагылазаашьа зеиԥшроу ахәыҷбаҳҷақәа, ашколқәа, ауниверситет уҳәа рҟны аарԥшразы. Абызшәа  ицқьаны рызнагара иадҳәалоу апроектқәагьы  ҳаман, аԥсшәа аҩышьа аԥҟарақәа ирыдҳәалоу, ҳхатәы бызшәа аиқәырхара, арҿиара иацхраауа. Аха иазгәасҭар сҭахуп, ҳфинанстә ҭагылазаашьа даара ишыуадаҩу, аҳәынҭқарраҟны аԥара аҟамзаара иахҟьаны. Апроектқәа рацәаны иҳамоуп, аха урҭ рахьынтә аусура иалаго зынӡа имаҷхеит. Еиҳарак иреиӷьу апроектқәа, иаагозар - уахгьы-ҽынгьы ахәыҷқәа рзы аус зуша аԥсуа канал иадҳәалоу - зынагӡахом аԥара аҟамзаара иахҟьаны", - ҳәа азгәалҭеит Арышԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩырц шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Хәажәкыра 3 - ахәыҷтәы телехәаԥшреи арадиои жәларбжьаратәи рымш ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0