Египет археологцәа ԥшь-нызқь шықәса зхыҵуа асфинкс рыԥшааит

© AP Photo Egyptian Ministry of AntiquitiesАрхеологи на месте раскопок в Каире. Архивное фото
Археологи на месте раскопок в Каире. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Египет аладатәи ахәҭаҿы археологцәа ирыԥшааз асфинкс алым сахьа амоуп, ахы - уаса хуп. Криосфинкс ҳәа ахьӡуп.

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Акриосфинкс ашәара хә-метрак инаӡоит. Иара аадырԥшит ашвед-египеттә археологиатә миссиа алахәцәа, Египет аладатәи акалҭ аҿтәи ақалақь Асуан аҟны иҟоу ажәытә хаҳәххыга Џьибаль-ес-Сильсилиа иахьаҵанакуа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ "Мобтада" адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Акриосфинкс шықәсыла Тутанхамон иабду  — афараон Аменхотеп III (1388 — 1353 (1351) ҳера ҟалаанӡа) иаамҭа иаҵанакуеит.

Аҵарауаа иара убасгьы ирымԥыхьашәеит акобра захьӡу амаҭ сахьа – астатуиа ахы зҩычашази Аменхотеп III иаамҭазтәи атекст зну ақьашанеи.

Џьибаль-ес-Сильсила ааигәа-сигәа аԥшаарақәа рымҩаԥгара иацҵахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0