Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба Таиф Аџьба изкны: зыламыси зажәеи рыла зхатә баҟа зчаԥаз

© Sputnik / Томас ТхайцукРадио студия Sputnik Абхазия
Радио студия Sputnik Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҷандаратәи абжьаратә школ адиректор Валери Аҩӡба арадио Sputnik аҟны иҳәеит апоет Таиф Аџьба диижьҭеи 80 шықәса аҵра инамаданы иқыҭа гәакьаҟны игылоу ихьӡ зху ашкол аҟны ахәылԥаз шымҩаԥгаз атәы.
Аҩӡба Таиф Аџьба изкны: ламысла, иажәала ихатә баҟа ичаԥеит

"Таиф ииашаҵәҟьаны зыламыс ала, зажәала збаҟа зчаԥаз иоуп. Иара ахаан хашҭра иқәым. Иахьа ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, араион ахадара, абыргцәа ҳҭан. Излаҳалшоз, гәыкала еиҿаҳкааит ахәылԥаз. Ҳара есышықәса амза 11 рзы иҟаҳҵон (хәажәкыра 11 Таиф Аџьба данииз амш ауп - аред.), аха сынтәа аиубилеи азгәаҭаразы иаԥҵаз акомиссиеи ҳареи ҳаиҿцааны заа Аҷандара аиԥылара мҩаԥаагеит", - иҳәеит Аҩӡба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0