Фазиль Искандер ииубилеи азгәарҭараны иҟоуп Санкт-Петербург

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФазиль Искандер
Фазиль Искандер  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер диижьҭеи 90-шықәса аҵра азгәарҭараны иҟоуп Санкт-Петербург. Ахәылԥаз рхы аладырхәуеит апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа.

АҞӘА, хәажәкыра 6– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Фазиль Искандер диижьҭеи 90-шықәса аҵра иазкны арҿиаратә хәылԥазқәа мҩаԥыргараны иҟоуп Санкт-Петербург ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсныи Урыстәылеи ажурналистцәа реидгыла алахәыла Боча Аџьынџьал.

Арҿиаратә хәылԥазы "Ҳара ҳ-Фазиль Искандер" мҩаԥысраны иҟоуп амилаҭтә литературақәа рбиблиотекаҿы ахаша, хәажәкыра 6 рзы иҳәеит иара. Уи адагьы хәажәкыра 10 рзы "Ажурналистцәа рыҩнаҿы" имҩаԥысраны иҟоуп алитературатә хәылԥазы.

"Фазиль Искандер иажәеинраалақәа ҳрыԥхьалоит, иӡбахә ҳалацәажәалоит. Уи адагьы афильм "Софичка" дырбахоит", - иҳәеит иара.

Ахәылԥаз рхы аладырхәуеит апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа.

Арҿиаратә хәылԥазы "Ҳара ҳ-Фазиль Искандер" еиҿнакааит Санкт-Петербург иҟоу аԥсуа еилазаара "Аԥсны", " Ажурналистцәа рыҩнаҿы" имҩаԥысуа ахәылԥаз – Аԥсуа-абаза конгресс.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩы-шықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура".

Адлеиба Фазиль Искандер изкны: уамакала ицәымӷын агәкажьра

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0