Шамԥҳа: аԥсуа милаҭтә ныҳәақәа амузеи аҿы иӡыргазароуп
"Амузеи аҿы иаарласны еиуеиԥшым, иӡхьоу, ирхашҭхьоу аныҳәарақәа мҩаԥаҳгарц ҳгәы иҭоуп, урҭ ажәлар ирылаҵәарцаз. Еиҳарак аинтерес зҵоу ныҳәоуп Хәажәкыра. Ари аныҳәа ижәытәӡатәиу ныҳәоуп, иара традициала иааҳго ныҳәа дуны иҟоуп. Ҳацклаԥшуазар, хаҭала ари ҭаацәашәала имҩаԥырго ныҳәоуп. Убри аҟнытә уи амузеи аҿгьы иаарԥшызароуп. Аибашьра ашьҭахь арҭ аныҳәарақәа рҽырҵәахуа, рҽырӡо иалагеит, урҭ мыӡыртә еиԥш иҟаҵатәуп. Атәым ныҳәақәа ҳара иаразнак иҳадаҳкылоит, аха ҳхатәгьы аганахь иаанымхароуп. Аԥсуа традициа иаҵанакуа аныҳәақәа иара амузеи инҭыгангьы иҟауҵар алшоит, иаҳҳәап, ақалақь аҿы ирҭбааны, ҳтәыла иаҭаауа асасцәа ирбо-ираҳауа", - ҳәа азгәалҭеит Шамԥҳа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио SputnikАԥсны аефир аҿы.