Аԥсны апальмақәа рыхәышәтәра азыԥхьагәарҭоит

© Foto / Саида ЖибаЛечение пальм в Гагре
Лечение пальм в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны апальмақәа рыхәышәтәразы иазоурыжьхьеит 200 литра рҟынӡа ахимиатә маҭәашьарқәа.

АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik. Аԥсны апальмақәа ахәаҷа-маҷақәа рцәыхьчаразы ауснагӡатәқәа ирылагоит аԥхаррақәа шааҟалалак ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Аԥсны апальмақәа ахәаҷа-маҷақәа рцәыхьчаразы ауснагӡатәқәа ирылагоит аԥхаррақәа шааҟалалак, +15 градус ишреиҳахалак. Асеиԥш макьаназ аҳауа мԥхацт иҳәоит Ҷыҭанаа. Ус шакәугьы апальмақәа рганахьала апрофилактикатә усурақәа, рхырҟәдаара, иалагараны иҟоуп.

Южноамериканский пальмовый бурильщик - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи апальмақәа даҽа ԥырхагак рызцәырҵит

"Ақалақьқәа рхадарақәа рахь ашәҟәқәа ааҩит, апальмақәа ҵаҟатәи рбыӷьқәа рхыҵәҵәаразы. Аусурақәа цоит Гагра, Аҟәа. Аусурақәа рымҩаԥысраан ҳҟазауаа уа иҟалоит, иҟоу шыҟоу аҭыԥ аҿы ирбаразы", - иҳәоит иара.

Ахәаҷа ирку аҵла ахәҭақәа еизганы ирбылуеит.

Аҵлақәа  пестицидла рыхәышәтәра  маҷк ихьшәаны иалагоит. Аԥсны апальмақәа рыхәышәтәразы иазоурыжьхьеит 200 литра рҟынӡа ахимиатә маҭәашьарқәа.  Уи аԥхынра агәаҟынӡа иазхоит, нас еиҭа иаахәахоит ҳәа азгәеиҭоит аеколог хада.

"Гагреи Аҟәеи апальмақәа рыхәышәтәра мҩаԥаагоит, аха апрофилактикатә усурақәа мҩаԥгахоит Гәдоуҭеи Афон Ҿыци. Аԥхынра зегьы аусурақәа мҩаԥыслоит. Уи адагьы жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа адырра ҳарҭеит ацхыраара шыруа азы. Аҽа 100 литрак апестицидқәа ҳарзыԥшуп ", – иҳәеит Савели ҷыҭанаа.

Савели Ҷыҭанаа иҳәеит  апальмақәа рыхәышәтәра шалшо, аха абжаҟынтә зынӡа ррыцқьара шамуа.

"Адунеи зегь аҿеиԥш зынӡаск абжы ықәаагоит ҳәа ҳазҳәом. Уи џьаргьы ирылымшаӡацт.  Ҳанышәароуп иааиԥмырҟьаӡакәа апрофилактикатә усурақәа рымҩаԥгара ахымԥадатәра. Иҷыдоу гәыԥк аԥҵатәуп. Абри иалацәажәахьеит Аминистрцәа реилазаараҿгьы. Атәымтәылақәа рҟынтәи апальмашьаҭақәа Аԥсныҟа раагара уажәазы иҟалом. Аҳәааҿ иаԥҵатәуп акарантинтә ҭыԥ аҵиаақәа рыхәышәтәразы", - ҳәа иҳәоит иара.

2016 шықәса рзы Аԥснытәи апальмаҵлақәа ирыдбалан хымз рыҩныҵҟа аҵла ҭазырхар зылшо абжы. Аҵарауаа ргәаанагарала, иара арахь аиҭаҳатә материал иацны иаанагазар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0