Аҭаҭынахара иаҿагыло аконцепциа иахәаԥшраны иҟоуп Урыстәыла аиҳабыраҿы

© Foto / FotoliaСигареты
Сигареты - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра

АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аиҳабыра ахәаԥшразы ирыднагалеит аҭаҭынахара иаҿагыло аконцепциа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аҭаҭынахара иаҿагыло аконцепепциа, ма аҭаҭынахара иаҿагыло аҳәынҭқарратә Концепциа аиҳабыра рахь инагоуп", - иҳәоит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Салагаи.

Иара иажәақәа рыла, ауааԥсыра аҭаҭыни арыжәтә џьбареи ирцәызыхьчо актқәа аус рыдулахоит 2019 шықәса ԥхынҷкәын 1 аҟынӡа.

Салагаи иара убасгьы ишьақәирӷәӷәеит аминистрра ишазыԥхьагәанаҭо 2050 шықәса инаркны шьаҿа-шьаҿала аҭаҭын аалыҵ аҭира алгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0