АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Бадри Есиава. 2018-2019 шықәсқәа рызтәи ашәараыцаратә аамҭа рацәаӡак қәҿиара аман иҟамызт ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәоит Аԥсны ашәарыцацәеи аԥсыӡкцәеи Реилазаара ацентртә напхгара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа.
"Сынтәатәи ашәарыцараамҭа шәарахла, ԥсаатәла ибеианы иҟамызт. Акызаҵәык ацаблыкь рацәан. Аҳәыҳәқәа, акәатақәа шамахамзар иуԥыхьашәомызт, имаҷын ачақәагьы", - ҳәа еиҭеиҳәоит Кәыҵниа.
Иҟоу зыхҟьаз ҳәа Ҳаџьараҭ Кәыҵниа ииԥхьаӡо аԥсқьарцәа ззин ыҟам ахархәагақәа рхы иахьадырхәо ауп.
"Аҳәыҳәқәагьы иреихсуа иалагеит. Аԥсаатә ҭыԥ ахьоумҭо иаангылаӡом. Аҽаџьара ииасуеит. Аԥсаатә уахынла иԥхьарылалароуп. Аԥсқьарцәа ҽынла аҵар рҽахьеизыркуа аҭыԥқәа гәаҭаны уахынла бџьарла еиқәных афонарқәа рыманы инеиуеит", - ҳәа иҳәоит иара.
Кәыҵниа игәаанагарала аԥсаатә, рмаҷра еиҭахгьы ԥырхаганы иамоу Урыстәыла ақыҭанхамҩадәқәа ахьхәышәдыркуоуп. Ахәшә зфо аԥсаатәгьы ҭахоит.
2018-2019 шықәса рзы азин ыҟан: мышкала ачақәа 20, ацаблыкьқәа 5, акәатақәа 10 рышьра.
2017 шықәса рзы Апарламент ахь инашьҭын ажәалагала аԥсқьарцәа рганахь ала ахарахаҵара арӷәӷәара.
"Ахарақәҵара штрафны ишьақәнаргылоит – 1200 мааҭ ашәара. Амшә ма абӷаџьма рзыҵәҟьагьы 3-5 нызқь мааҭ роуп ишәатәу. Уи ауаа ацәшәартә иҟам. 2017 шықәса рзы Апарламент ахь инашьҭын ажәалагала аԥсқьарцәа рганахь ала ахарахҵара арӷәӷәаразы, аха макьаназ ӡбашьак амам", - ҳәа иҳәоит Кәыҵниа.
Аԥсны ашәарыцацәеи аԥсыӡкцәеи Реилазаара анапхгара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа ишиҳәаз ала, ашәарыцара аамҭа хәажәкыра 15 рзы иаркхоит. Ашәарах ашьҭашәарыцара акәзар, ҿҳәарас иамаз ажьырныҳәамзанӡа акәын.