Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ешба: иреиҳау ҳамҭоуп сыԥсҭазаараҟны аибашьраҟны ҳиааира

© Sputnik / Томас ТхайцукВячеслав Эшба
Вячеслав Эшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны афырхаҵа, аинрал-леитенант, арра-ҳаиртә мчқәа рыдҵаҟаҵаҩс иҟаз, Аԥсны атәылахьчара аминистрра напхгара азҭоз Виачеслав Ешба иахьа 70 шықәса ихыҵит.
Ешба: иреиҳу ҳамҭоуп сыԥсҭазаараҟны аибашьраҟны ҳиааира

"Ақәра идуу имаҷу Анцәа иҳаиҭо ауп. Ус ҳақәшәеит ҳабиԥара, ҳзықәгәыӷуаз аҳәынҭқарра ду еилаҳаит, ҳажәлар аибашьра иҭагылан. Абарҭқәа зегьы ҳазхысыз уанрызхьаԥшуа, еилыукаауеит Анцәа ду ҳамҭас ишҳаиҭаз аибашьраҟны ҳиааира. Абри зегь рацкьыс иалскаауеит, еиҳау ҳамҭа са сзы иҟаӡам. Аԥырҩы изанааҭ аҟны иуадаҩым ыҟаӡам.  Зегьы иреицәоуп аԥырра зхы азызкыз аибашьра амаҵ аура даналаго, аха уи адагьы ԥсыхәа ыҟам", -ҳәа азгәеиҭеит Ешба.

Виачеслав Аҳмеҭ–иԥа Ешба 1970 шықәсазы, далгеит Егориевск (Москватәи аобласт ) иҟоу авиациа-техникатә ҵараиурҭа, 1973 шықәсазы Кременчугтәи аԥырратә ҵараиурҭа,1983 шықәсазы аграждантә авиациазы Ленинградтәи академиа. "Аҳауатә транспорт арныҟәцаразы анџьныри", "атранспорттә авиациазы актәи акласс змоу аԥырҩи" азаанаҭқәа иоуит. Аус иуан аграждантә ҳаирпланқәа рҟны аԥырҩыс, Аҟәатәи аԥырҩцәа ргәыԥ адҵаҟаҵаҩс дыҟан.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иара инапхгарала еиҿкаан арра-ҳаиртә мчқәа. Аибашьраан Виачеслав Ешба 80 инарзынаԥшуа аԥыррақәа наигӡеит.

Аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0