Гал араион иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ иҽыкнеиҳаит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСИЗО-4 УФСИН России по городу Москве
СИЗО-4 УФСИН России по городу Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уажәазы Иракли Кәарацхьелиа иԥсыбаҩ ақырҭуа ган рыҭара азҵаарақәа рыӡбара мҩаԥысуеит.

АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Закәаншьаҭада аҳәаа ахысразы иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ Иракли Кәарацхьелиа иҽишьит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура асаит.

Хәажәкыра 10 2019 шықәса рзы аҳәаа иаԥну Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа закәаншьаҭада аҳәаа ахысразы дааныркылеит 1990 шықәса рзы ииз Қырҭтәыла атәылауаҩ Иракли Кәарацхьелиа.

Иракли Кәарацхьелиа днаган Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҟәшахьы.

"Амаҵзуратә уадақәа руак аҿы Иракли Кәарацхьелиа иҽыкнаҳан иҽишьит. Ааԥхьара зҭаз амедицинатә персонал Кәарацхьелиа дырзеиқәмырхеит", - ҳәа аҳәоит Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура асаит.

Аԥсны агәабзиарахьчара аӡбара-медицинатә експертизаҿ имҩаԥгаз аекспертиза алкала Кәарацхьелиа мчыла иԥсҭазаара далхымызт.

Уажәазы Иракли Кәарацхьелиа иԥсыбаҩ ақырҭуа ган рыҭара азҵаарақәа рыӡбара мҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0