АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Атеракт амҩаԥгара зыгәҭакыз ацәгьауаҩ имҩаԥгаз аоперациа ҷыдала дҭархан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Аҩны зҽыҵәахны итәаз ахаҿы амаҵзура ҷыдақәа русзуҩцәа иҽриҭарц адҵа ҟаҵан. Уи аҭакс иара амца рыжәиҵеит. Ахархәара аиҭеит аграната. Аиҿахысраан ацәгьауаҩ дҭархан", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҭыԥ аҿы иԥшаан абџьар, аџьаԥҳаны рацәаны.
Заанаҵтәи аҭҵаарақәа рыла иара жәларбжьаратәи атеррористтә еиҿкаарақәа руак далахәылан. Игәҭакны иман ауаа рацәа реизараан арԥжәага ахархәара.
Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа ахаҿы икәша-мыкәшатәи аилазаара ашьақәыргылара иаҿуп.