Урыстәыла ААР ахҳәаа анаҭеит ЕААи аталибцәеи аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп ҳәа аинформациа

© AFP 2023 / KIRILL KUDRYAVTSEVархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Афганисҭан аганахь ала ЕАА ахаҭарнак ҷыда Залмаи Халилзад аҳәамҭа ҟаиҵеит Дохатәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд аихшьаалақәа рыла аиқәшаҳаҭра аус адааулоит ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Афганисҭан америкатәи ар ралгараз ЕААи аталибцәеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра ыҟаҵәҟьоуп ҳәа аҳәара заацәоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Афганисҭан аганахь ала Урыстәыла ахада ихаҭарнак ҷыда, Урыстәыла ААР Азиаз аҩбатәи адепартамент ахада Замир Кабулов. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Макьаназ узыхцәажәаша акгьы ыҟам избанзар дара зыӡбахә рымоу аиқәшаҳаҭра апроект ауп. Аиқәшаҳаҭра апроектгьы ҳамбацт" - иҳәеит Кабулов.

Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла асеиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭра аҭыԥ амазар ахәҭаны ишаԥхьаӡо.

Убри аан Кабулов иазгәеиҭеит Урыстәылеи аталибцәеи реинырра макьаназ ишазыԥхьагәаҭам, аха хара имгакәа Америкеи Урыстәылеи рыбжьара Афганисҭан аганахь ала аиԥылара мҩаԥыргараны ишыҟоу.

Уаанӡа Афганисҭан аганахь ала ЕАА ахаҭарнак ҷыда Залмаи Халилзад аҳәамҭа ҟаиҵеит Дохатәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд аихшьаалақәа рыла аиқәшаҳаҭра аус адааулоит ҳәа.

Еиду аштатқәа 2001 шықәса раахыс Афганисҭан арратә операциа мҩаԥнагоит "Талибани" егьырҭ иара еиԥшу агәыԥқәеи ирҿагыланы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0