Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амҷба "Шьараҭын" аибашьцәа рзы амемориалтә ӷәқәа раартразы: 25 шықәса ҳазыԥшын

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Амҷба
Рауль Амҷба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 15 рзы, абаталион "Шьараҭын" иалахәыз Марттәи ажәылараан иҭахаз хәҩык аибашьцәа рзы Гәымсҭа ацҳаҿы иаартхоит амемориалтә ӷәқәа, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы аибашьра ашықәсқәа раан абаталион "Шьараҭын" аштаб аиҳабыс иҟаз, Леон иорден занашьоу Рауль Амҷба.
Хра злоу ахҭысқәа: Амҷба Марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа хәҩык рбаҟа аартра иазкны

"Руслан Шьынқәба ихыҵуаз 18 шықәса ракәын, иара арра дымцаӡацызт, аха аамҭак ала дазыҟацаны агранатомиот иҳаркит. Дышхысуаз ауп аӷа ихы шиқәшәаз. Џьамбул Зарандиа Тҟәарчалынтә ӷәӷәала ихәыз иашьа Гәдоуҭаҟа ихәшәтәразы дааигеит, аха арахь иаауаз шьҭахьҟа цашьа имамызт аҟнытә, арԥыс ҳара ҳгәыԥ ахь дыиасит, уигьы Марттәи ажәылараан ахымҩас дагеит. Руден Ҳаҭхәа ирхәыз далызгоит ҳәа дҳәазо дышнеиуаз, аснариад дашьит. Егьырҭ ҩыџьа арԥарцәа, збаҟа аартхо, Ҟабардантәи иҳацеибашьуаз иреиуоуп. Аслан Ажьгериев игәымшәаз, агәаӷь зызҭаз иакәын. Марттәи ажәылараан иаахаз ахы дагеит. Иара убас дҭахеит зегь раҵкыс иқәыԥшыз, ахаара зҵаз, арԥыс гәымшәа Валери Берхамов. Иара дышқәыԥшцәаз ҳдыруан ҳаргьы, аха ашәҟәқәа икын 18 шықәса ихыҵуазшәа. Ажәылара аԥхьа Сулҭан Сосналиев дсыԥхьан, зыӡбахә сымоу арԥыс доуушьҭуеит ҳәа сеиҳәеит. Ҳәарада, дсышьҭит, аха ажәылара алагара сааҭк аҟара шагыз дхынҳәны дааит. Иара есымша сгәаҿы даанхоит, дахьқәыԥшыз мацаразы акәым, иара агәырӷьара, аччара ихы-иҿы ианубаалон, агитара цәгьала ибзиан дыхәмаруан. Арҭ аибашьцәа ргәалашәаразы аӷәқәа раартра ҳгәы иҭеижьҭеи акрааҵуеит, шьҭа уи алыршахеит", - ҳәа азгәеиҭеит Амҷба.

1993 шықәса март 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0