Адлеиԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа ахәыҷбаҳчақәа рахь ааӡамҭацәа шрыдыркыло
"Аҟәа ақалақь аҟны жәаха хәыҷбаҳча ҳамоуп, урҭ рҟны 71 гәыԥ ыҟоуп. Гәыԥк аҟны 25-ҩык ахәыҷқәа рыдыркылозароуп, аха ахәыҷбаҳчақәа разымхара иахҟьаны иаҳа еиҳауп. Ахәыҷы хышықәса аныихыҵ нахыс дҳадаҳкылоит, фышықәса аныихыҵ ашьҭахь ашкол ахь дцароуп. Ахәыҷбаҳчахь ицо рзы шықәсыбжак, иара убас шықәсык аԥхьа арзаҳалқәа анҳадаҳкыло ыҟоуп. Урҭ аҵара аусбарҭаҟны иҭаҳаҩуеит, аҵарашықәс ахәыҷбаҳчаҟны ианалго (лаҵарамзазы), аиҳабыратә гәыԥқәа анауҳажьлак ашьҭахь, аҵара аусбарҭаҟны иҳамоу акомиссиа аилатәараҟны еихаҳшоит ахәыҷқәа. Акомиссиа аҵара аусбарҭа аусзуҩцәа рнаҩс иалахәуп аҵара аминистрра ахаҭарнакцәа, ақалақьтә еизара адепутат, убасгьы ауаажәларратә палата ахаҭарнакгьы", -лҳәеит Адлеиԥҳа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны.