"Апроект автор Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа иара анаԥшьылгоз хықәкыс илымаз, иахьагьы илымоу - амузыкала ауаа рыхәышәтәроуп. Еилкаауп, ауаа ирцәыӡыз, иҭахаз зегьы шырхамшҭуа, аха аконцет аҟны ианнеиуа маҷк ргәы ҽакала иҟалоит. Амузыка ауаҩы дшахәшәтәуа атәы амедицина аҟынгьы иазгәаҭоуп", - лҳәеит Қапԥҳа.
Сынтәа хәышықәсоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ргәалашәара иазкны аҳәынҭқарратә филармониаҟны аконцерт-реквием мҩаԥысуеижьҭеи. Уи иалахәуп Виктор Абрамиан–Ешба (аскрипка), Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Маргарита Спиридонова (альт), Андреи Спиридонов (авиолончель), Михаил Турпанов (афортепиано), Алексеи Балашов (агобои), Аԥснытәи аҳәынҭқарратә камертә оркестр. Иара убасгьы аконцерт аҟны дықәгылоит жәларбжьаратәи аицлабрақәа рлауреат Емилиа Терзиан-Ҳагԥҳа .
Аконцерт мҩаԥысуеит хәажәкыра 18, асааҭ 18 рзы.