Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба: Ҟрым Урыстәыла адлара агеополитикатә ҭагылазаашьа аԥсахра иахҟьеит

© Фото : из личного архива Беслана ХагбаБеслан Ҳагба
Беслан Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟрым Урыстәыла иадҵан хәажәкырамза 18 , 2014 шықәса рзы. Ари ахҭыс аҿиара иадҳәалаз афакторқәа, насгьы Урыстәыла агеополитикатә ҭагылазаашьа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҽеиҭакшьа уҳәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Ҳагба: Ҟрым Урыстәыла адлара уахцәажәар ҟалоит х-хҭыск рҳәаақәа ирҭагӡаны

"2000-тәи ашықәсқәа ианрылагоз Урыстәыла аинтеграциатә процессқәа зынӡа имаҷны имҩаԥнагон, аҳәынҭқарра зынӡа ихыбгалоит ҳәа акәын ишырҳәоз. Аладатәи Кавказ иҟаз агеополитикатә ҭагылазаашьа аҽаԥсахит, аҳәынҭқарра ҿыцқәа цәырҵит. Уи зыбзоуроу еиҳарак Урыстәылатәи Афедерациа ауп. Уи аганахьала иналукааша х-хҭыск ыҟоуп. Раԥхьа иргыланы, 2008 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра аиура ауп. Ашьҭахь, Украина иҿио иалагеит аполитикатә кризис, убри иахҟьаны иалыршахеит Ҟрым аргьежьра. Ахԥатәи ахҭыс – Сириа аҭышәынтәаларахь ииасит, Урыстәыла арратә бџьарқәа инеиз ирыбзоураны. Абарҭ аххҭыск агеостратегиатә ҭагылазаашьа ахьырԥсахыз иадкыланы Ҟрым Урыстәыла адлара уахцәажәар ҟалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.  

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0