Путин Ҟрымтәи афымцастанциақәа аусура иалаиргеит

© Sputnik / Алексей Павлишак / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфымцастанциақәа
Афымцастанциақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Балаклаватәии Тавриатәии ТЕСқәа Ҟрым аусура иалагеит ииасыз ашықәс азы, аха мҽхакыҭбаала русура мҩаԥырго иалагеит 2019 шықәса хәажәкыра 18 инаркны.

АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин ихы алаирхәит Балаклаватәии Тавриатәии ТЕСқәа русура алагара ауснагӡатә. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Железнодорожная часть Крымского моста - Sputnik Аҧсны
Ҟрымтәи ацҳала адәыӷбақәа аныҟәара ианалаго арыцхә ҳәоуп

Уаанӡа Урыстәыла ахада Ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵахьан Ҟрым Ареспубликаҟны аенергетикатә обиектқәа раартра уи аенергетикатә хьыԥшымразы символра шазнауа.

ТЕСқәа раартра ацеремониа иалахәрала ихацыркхеит Урыстәыла ахада Ҟрымҟа инеира. Абри ашьҭахь, Симферополь Путин адгьылбжьахала ауааԥсыра дырԥылеит, ихы алаирхәит Ҟрым Урыстәыла адлара хәышықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгаз аныҳәатә уснагӡатә.

Ҟрым Урыстәыла иахәҭакхеит 2014 шықәса хәажәкырамзазы имҩаԥгаз ареферендум ашьҭахь. Ҟрымтәи амчрақәа ареферендум мҩаԥыргеит Украина аҳәынҭқарратә мчра анеиҭарк ашьҭахь. Иахьа уажәраанӡагьы Украина Ҟрым иара иахәҭакны иахәаԥшуеит.

Евроеидгыла Ҟрымтәи ареферендум алҵшәақәа аднакылом

Урыстәыла ахадара ракәзар, изныкымкәа аҳәамҭақәа ҟарҵахьеит Ҟрым ауааԥсыра демократиатә мҩала, жәларбжьаратәи азакәанқәеи ЕАР Аԥҟаԥҵәеи инарықәыршәаны Урыстәыла адларазы рыбжьы рҭиит ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0