Тҟәарчалтәи атеатр: Шәарах Ԥачалиа игәаларшәара ҳуалуп

© Sputnik / Бадрак АвидзбаШәарах Ԥачалиа
Шәарах Ԥачалиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр имҩаԥнагоит агастрольқәа ари атеатр ашьаҭаркҩы Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи 105 шықәса аҵра инамаданы, иҳәеит атеатр арежиссиор хада Сырбеи Сангәлиа Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы.

Аҟәа, хәажәкыра 19 – Sputnik, Бадрак Авидзба. Агастрольқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр раԥхьатәи ақәгылара мҩаԥысуеит Очамчыра, хәажәкыра 21 рзы.

"Ҳтеатр Шәарах Ԥачалиа ихьӡ ахьаху инадҳәаланы, ҳгәы иҭаҳкит агәаларшәаратә гастрольқәа мҩаԥаҳгарц. Ҳалагоит Очамчыра Акультуратә хан аҿы ақәгылараҟынтәи (асааҭ 15:00 рзы). Анаҩс Очамчыра араион ақыҭақәа рахь ацара ҳгәы иҭоуп. Иқәҳаргылоит Шәарах Ԥачалиа ииҩыз апиеса "Мазлоу - зегь злоу", - азгәеиҭеит иара.

Тҟәарчалтәи атеатр Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи 105 шықәса азгәанаҭоит

Иара иажәақәа рыла, ари аспектакль рыманы Аԥсны араионқәа зегьы рҟны иқәгыларц ргәы иҭоуп. Уи аус аиҿкараҟны араионқәа рхадацәа адгылара рырҭоит.

2019 шықәса ҭагалан азы ргәы иҭоуп Нхыҵ Кавказтәи ҳаиашьаратә республикақәа рахь ацара.

Сырбей Сангулия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Сангәылиа: Тҟәарчалтәи атеатр ақәыргыламҭа ҿыц аԥхьарбара хәыда-ԥсадахоит

Тҟәарчалтәи атеатр актиор Нури Џьынџьал дазааҭгылеит ахәаԥшцәа рыспектакльқәа рахь иаадырԥшуа азҿлымҳара атәы.

"Сара атеатр аҟны аусура салагеит аибашьра ҟалаанӡа, 1986 шықәса инаркны. Усҟантәи аамҭақәа рзы ауаа иаҳа ирзыманшәалан, иагьырҭахын атеатр ахь аныҟәара. Иахьазы ҳаспектакльқәа ирҭаауа еиҳарак ахәыҷқәа роуп. Аха ҳара иаҳҭахуп аиҳабацәагьы еиҳа азҿлымҳара арҭаларц", - иҳәеит Џьынџьал.

Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр шьаҭаркын 1955 шықәсазы. Уи асценаҟны раԥхьаӡа иқәдыргылаз комедианы иҟалеит аԥсуа актиор, арежиссиор, адраматург, СССР Жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа ииҩыз апиеса "Ачара ду". Уи иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, 2003 шықәсазы ари атеатр ихьӡ ахырҵеит.

Шәарах Ԥачалиа - Аԥснытәи АССР Жәлар рартист, СССР жәлар рартист, диит лаҵара 20, 1914 шықәсазы Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан. 1931 шықәсазы далгеит Аҟәатәи адраматә студиа. 1939 шықәсазы далгеит Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатр аҟны иҟаз атеатралтә студиа. Инаигӡеит 150 инареиҳаны арольқәа.

Сырбей Сангулия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Сангәлиа Тҟәарчалтәи атеатр агастрольқәа ирызкны: анхацәа бзиа ибаны иаҳԥылоит

1960-тәи ашықәсқәа рылагамҭа инаркны аус иуан Ижевск иҟоу Удмурттәи аҳәынҭқарратә театр аҟны, анаҩс Тҟәарчалтәи атеатр анышьаҭаиркыз ашьҭахь уи арежиссиорс, аиҳабыс акыр шықәса дыҟан.

Шәарах Ԥачалиа инапы иҵыҵит акымкәа-ҩбамкәа апиесақәа: "Ачара ду" (1942), "Гәында" (1957), "Мазлоу - зегьы злоу" уҳәа. Акомедиа "Гәында" ықәыргылан Ужгород иҟоу Закарпаттәи украинатәи амузыка-драматә театр асценаҟны.

Шәарах Ԥачалиа иԥсҭазаара далҵит 2000 шықәса абҵарамзазы. Анышә дамадоуп Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәа Рпантеон аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0