АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Вероника Скворцова лыдҵала рминистрра усутә визитла Аԥсны иаҭааит, Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара х-етапкны арыҭара азҵаара алацәажәаразы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны ауааԥсыра ацхыраара рыҭара аплан х-етапкны ишоуп. Дара ашықәс иҭагӡаны еицымҩаԥысуеит.
Актәи аетап – иааиуа ҩба-хԥа мчыбжьы ирҭагӡаны ауааԥсыра адиспансеризациа рахыжьра ауп.
"Уажәы хынтәуп ауааԥсыра адиспансеризациа иахҳажьуеижьҭеи. Иара аҵак ду амоуп, избанзар ареспублика ахы-аҵыхәа зегьы аланархәуеит", - ҳәа иҳәеит аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.
Аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп акардиохирургиа аҟәша аартра. Уи азы аделегациа алахәылацәа Ареспубликатә хәышәтәырҭа иаҭааны ирбеит. Аҟәша аусура иалагаразы Урыстәыла Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура (ФМБА) аҟазауаа аамҭа-аамҭала иааны аоперациақәа мҩаԥыргалоит, аҭыԥантәи аҳақьымцәа рдырра аизырҳараҿы ирыцхраалоит.
Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ишырҳәаз ала, Урыстәыла аиҳабыра аҟәша аргыларазы аԥара азоурыжьхьеит.
"Иахьатәи ҳаамҭазы агәыхь чымазарақәа акыр ирылаҵәаны, ауаа аӡәыр зхыԥсаауа ракәны иҟоуп. Убри инадҳәаланы, хықәкыс иҟаҳҵеит ареспублика адгьылҵакыраҿы асеиԥш иҟоу амедицинатә усҳәарҭа аргылара. Актәи аетап аан Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿ иаартхоит аҟәша, ҳчымазцәа рыхәышәтәра, ацхыраара рыҭара ахьалыршахо", - иҳәеит Ҭамаз Ҵахнакьиа.
Ахԥатәи аетап иазԥхьагәанаҭоит хырхарҭарацәалатәи амедицинатә центр. Уа иааны аус рулоит урыстәылатәи амедицина аҟазауаа. Ацентр аҿы иаартхоит азеиԥш хирургиа, акардиохирургиа, атравматологиа рыҟәшақәа, аполиклиникатә блок рыцны.
Ацентр ахьдыргыло аҭыԥ макьаназ иалкаам.
Урыстәыла Афедералтә медико-биологиатә маҵзура (ФМБА) анапхгаҩы Владимир Уиба иазгәеиҭеит амаҵзура абри аус аганахьала аԥышәа шамоу, асеиԥш иҟоу ацентрқәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны иргылан Валдаии Иалтеи.