Апарламент аҿы анефт аҵхра азҵаарақәа рзы акомиссиа аԥҵоуп

© Фото : AP Photo/Eric Gayархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысит хәажәкыра 20 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы арацәаӡри аԥшаара азҵаарақәа рзы акомиссиа аԥҵоуп Апарламент аҿы. Аԥсны Жәлар реизара адепутат Алмас Џьапуа иазгәеиҭеит акомиссиа аҿаԥхьа дҵаны иқәгыло Аԥсны арацәаӡри аҭаԥшыхәра, аҵхра рекологиатә шәарҭадареи рекономикатә храмазаареи рышьақәыргылароуп ҳәа.

Абессалом Кварчия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәарҷиа: анефт иаахтны излацәажәатәу зҵаароуп

Акомиссиа аилазаара 12-ҩык адепутатцәа рыла ишьақәыргылоуп, хантәаҩыс далхуп адепутат Асҭамыр Ҭарба. Акомиссиа аусура хнаркәшароуп абри ақәҵара анрыдыркыла ашьҭахь хәымш ирҭагӡаны.

2014 шықәса лаҵарамзазы Аԥсны аиҳабыра аилахәыра "АпсныОйл" азин анаҭеит Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рҿы арацәаӡри аӡа аҟазаара аганахь ала агеологиатә ҭҵаарақәеи, аҭаԥшыхәрақәеи мҩаԥнагарц. 2018 шықәса хәажәкырамзазы "АпсныОйл" аиқәшаҳаҭра аҿҳәара иацнаҵеит, иарбаз аамҭа аҽахьазҭанамыгӡаз азы.

2019 шықәса жәабран 22 рзы Апарламент адепутатцәа алацәажәеит ареспубликаҿ анефт аҵхра азҵаарақәа рзы акомиссиа аԥҵара аус.

Асҭамыр Ҭарба ахҳәаа азыҟаиҵеит Жәлар реизараҿы излацәажәоз анефт азҵаара

 

Ажәабжьқәа зегьы
0