АҞӘА, хәажәкыра 21– Sputnik, Бадри Есиава. Аекологиатә ҭагылазаашьа еиӷьызтәуа абизнес проектқәа Аԥсны аус рыдырулоит, ҳәа азгәарҭеит АРСМИРА, хәажәкыра 21 рзы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿы.
Миквабиа еиҭеиҳәеит Аԥсны агәам-сам азы иргылахо аполигон зеиԥшрахо
Урыстәылатәи аекологиатә еилазаара ахантәаҩы Рашид Исмаилов иазгәеиҭеит арҭ апроектқәа рхырхарҭа акыр иҭбаауп ҳәа. Арахь иаҵанакуеит: ацрыҵқәа аусеиҭарыдулара, аекологиатә туризм аҿиара, аалыҵ цқьа рыдгаларала, Аԥсны атуристцәа радыԥхьалара.
Жәларбжьаратәи аусеицура аԥснытәи Афонд ахада Вахтанг Ԥиԥиа иеиҭеиҳәеит афонд аусура адунеи зегь аҟынтәи аинвестициатә проектқәа радыԥхьалара шакәу изызку.
"Акрааҵуеит ҳара ари аус активла имҩаԥаагоижьҭеи. Иахьазы аус рыдулоуп хә-проект. Иҟоуп зыӡбахә ҳҳәахьо, иҟоуп макьаназ иӡырҳамгац", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.
Ԥиԥиа иажәақәа рыла аекологиа дызхагыло афонд иахырхарҭа хаданы ишыҟамгьы Аԥсназы иактуалу темоуп азы Урыстәылатәи аекологиатә еилазаара ажәадгала аднакылеит.
Иахьазы Аԥсны реиҳа зҵазкуа аекологиатә проблемақәа ируакуп агәамсамҵәахра апроблема. Гәылрыԥшь араион аҿы аполигон аргылара шазыԥхьагәаҭогьы уи апроблема аӡбраны иҟам ҳәа иҳәоит иара.
Абри аганахьтәи аинвистициақәа ракәзар анаплакҩы идыруазароуп феидас изало ҳәа азгәеиҭоит иара.
"Аинвистициақәа раԥхьа иргыланы иалзыршо ареспублика аиҳабыра рполитикатә гәаҳәароуп. Сара сгәаанагарала Аԥсны аинвесторцәа рзы ашәқәа ҟьаҟьаӡа иаартуп", - ҳәа иҳәоит уи аҭакс Урыстәылатәи аекологиатә еилазаара ахантәаҩы Рашид Исмаилов.
Иара убасгьы дазааҭгылан иҳәеит дарбанызаалакгьы аинвестор абизнес план амҩаԥысраан иду аҭакԥхықәра дазхәыцуазар шакәу. Иарбанызаалак амааҭ аекологиа ԥырхага анамҭо ирҳазароуп ҳәа иҳәоит Исмаилов.
Ажурналистцәа аинтерес кны Урыстәылатәи аекологиатә еилазаара ахантәаҩы иазҵааит Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы итема хаданы излацәажәо арацәаӡри аҵхра. Ари азҵаара инарҵауланы изызхәыцтәу, анализ ззутәу, ишәатәу-изатәу усуп ҳәа иҳәеит иара аҭакс.
"Анапхгара рганахь ала даара ахылаԥшра аҭахны иҟоуп, ауаажәларрагьы ари рылаԥш ахызароуп. Иҟалап анҭыҵынтәи адунеитә ҩаӡара змоу аекспертцәа адыԥхьалазар", - ҳәа иҳәеит Исмаилов.
Убри аан иазгәеиҭеит урыстәылатәи аилахәыра "Роснефть" атехнологиа ҭбаақәа ахы ишанархәо.