00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:55
5 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:55
5 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
On air
13:16
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
On air
13:43
2 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Взаимный интерес
Социологический опрос "Экология Абхазии: взгляд в будущее"
14:17
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Гражданин и начальник
Нарушение пограничного режима: ситуация на абхазо-грузинской границе
14:44
10 мин
Дополнительное время
Спорттивные трансляции в Абхазии: интервью с журналситом МАТЧ-ТВ Нарой Муратия
14:54
12 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:07
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны Владислав Арӡынба ибаҟа шьақәдыргылоит

Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба изку иреиӷьу абаҟа аԥҵаразы аицлабра рылаҳәазар ауеит мшаԥы 1, 2019 шықәса иахымгакәа.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаараҟны иҟоу Амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә комиссиа Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба изку абаҟа аргыларазы ажәалагала иазыразхеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Акомиссиа ахантәаҩы, Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба дҵас иқәиргылеит Владислав Арӡынба ибаҟа иреиӷьу апроект азы аицлабра амҩаԥгара акритериқәа еиқәдыршәарц. Урҭ акритериқәа иазԥхьагәарҭароуп аскульптура ахаҭеи, аргыламҭа архитектуреи, иара убас абаҟа ахьыргылахо аҭыԥ акәша-мыкәша зеиԥшрахо асахьеи.

Аслан Авидзба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба: Владислав Арӡынба аполитика инақәыршәаны акәын ишьаҿақәа шыҟаиҵоз

Убри адагьы, акомиссиа азыразхеит Иури Калмыков ибиуст иара ихьӡ зху Аҟәатәи амҩаҿы аргылареи 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Очамчыра араион Река ақыҭауаа рбаҟа апроекти.

Аилацәажәара ахыркәшараан, акомиссиа алахәылаҩцәа иазгәарҭеит Аԥсны амонументалтә баҟақәа раԥҵареи рышьақәыргылареи рызҵаараҟны аиҳабыра ацентртә усбарҭақәеи, аҭыԥантәи ахаланаԥхгареи егьырҭ азҿлымҳара аазырԥшуа аусбарҭақәеи рҭакԥхықәра ҭышәынзыртәало анорматив-зинтә документқәа рышьақәыргылара шаҭаху.

Ажәабжьқәа зегьы
0