Адунеи атәылақәа жәпакы рҟны Instagram аусура еиԥҟьеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАсоциалтә ҳа Instagram
Асоциалтә ҳа Instagram  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла, Еиду аштатқәа, Иапониа, Австралиа, Сингапур, Малаизиа рҟны Instagram аусура еиԥҟьеит .

АҞӘА, хәажәкыра 22 — Sputnik. Аинтернет-ресурсқәа русура ашьклаԥшра азҭо асаит Downdetector адыррақәа рыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа, Иапониа, Австралиа, Сингапур, Малаизиа рҟны Instagram аусура еиԥҟьеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Downdetector аинформациала, аиԥҟьара аҭыԥ аман хәажәкыра 22 ауха. Апроблема гәазҭаз Instagram ахархәаҩцәа рҟынтәи 26% ашшит. 18% иашшыз рахьтә ари асоциалтә ҳа авеб-саит иазашшит.

Instagram – афотосахьақәеи авидеоҭаҩрақәеи реимдарази урҭ асервиси егьырҭ асоциалтә ҳақәеи рыла рыларҵәарази ихәыда-ԥсадоу ԥшьуп. Аилахәыра Facebook иаресурсуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0