Џьон Траволта аурыс культура ахәшьара ҳарак аиҭеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЏьон Траволта
Џьон Траволта  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америкатәи актиор Џьон Траволта Москваҟа дааԥхьан аԥхьахәгара BraVo асасык иаҳасаб ала.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. РИА Новости аинтервиу азҭаз америкатәи актиор Џьон Траволта аурыс культура уаршанхоит ҳәа ахиҳәааит.

"Иреиӷьу асахьаҭыхыҩцәа, артистцәа, ашәҟәыҩҩцәа, амузыка, абалет – абри зегьы Урыстәыла ауп. Ари мап ацәкышьа амам. Усеиԥш аӡәы игәы иҭеикыргьы – гаӡароуп. Урыстәыла злаҽхәаша рацәаӡоуп", - иҳәоит Траволта.

Иара иазгәеиҭеит Антон Чехови Фиодор Достоевскии рҩымҭақәа бзиа ишибо, асахьаҭыхыҩцәа рҟынтә акәзар, Васили Кандинскии Казимир Малевичи рырҿиамҭақәа ҳаҭыр шрықәиҵо. Аклассикатә кәашара аганахьала, Џьорџь Баланчин, Рудольф Нуриев, Михаил Барышников рҟазара аҩаӡара ду аманы иԥхьаӡоит.

Траволта иажәақәа рыла, иан Станиславски исистемала аҵара лҵон. Иара ихаҭа иакәзаргьы, иреиӷьӡоу аурыс театралтә школа амаӡақәа рыла аҵара иҵон, иҳәоит иара.

Посмотреть эту публикацию в Instagram

On our way to Russia for the BraVo Classical Music Awards

Публикация от John Travolta (@johntravolta)

Аԥхьахә BraVo анашьара ацеремониа далахәын шьҭрала Урыстәыла иатәу британиатәи актриса Хелен Миррен.

"Сара сзы инасыԥуп иреиӷьу аурыс рҿиамҭақәа збахьоу асценаҿ аҟазаара. Иацы Џьон Траволтои сареи абри асценаҿ ҳаицыкәашеит… Сгәы иснаҭоит сабацәа, сабдуцәа рыдгьыл Урыстәыла сазыхынҳәызшәа", - лҳәоит лара.

Аԥхьахә BraVo ҩынтәуп имҩаԥыргоижьҭеи. Иара иналукааша аклассикатә музыка артистцәа ралкаара иазырхоуп.

Жәларбжьаратәи аинформациатә агентра "Россия сегодня" аԥхьахәгара BraVo иофициалтәу информациатә маҵзураны иазыҟоуп, Sputnik - уи жәларбжьаратә аинформациатә партниоруп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0