Џьопуа: аҭаацәа ачымазара апрофилактика хшыҩзышьҭра арҭо иалагеит
"Ачымазара ҳшазыԥшыз еиԥш иҟам, иҳадҵаало ыҟоуп, ачымазаҩцәа рхыԥхьаӡарагьы рацәам. Мышкы 8-10-ҩык рҟынӡа ачымазаҩцәа адҵаалоит. Ачымазара ҿкы H1N1 зыхьны ахәышәтәырҭахь иааиуа аӡәык-ҩыџьак роуп, уи зынӡа имаҷхеит ари амзазы. Ахьҭа злаланы ахәышәтәырҭахь иаарго ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ахьмаҷхаз аҭаацәа ачымазара апрофилактика ахьыҟарҵо ауп, агәҽанызаара аныҟоу иаҳа алҵшәагьы иҟоуп. Даҽа ганкахьалагьы иуҳәозар, ачымазара анышьҭыҵуа аамҭазы иаҭахым уи ацәшәара, асоциалтә ҳақәа рҿы иртутуны иалацәажәоит. Аҭагылазаашьа уаҟа ишазгәарҭоз еиԥш иҟамызт, аха убри аан ауаа ирдыруазароуп ачымазара аҽацәахьчара шалшо, уи азы иаҭаху", - азгәеиҭеит Џьопуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.