Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Занҭариа Аҟәа Арӡынба ибаҟа аргыларазы: ахшыҩеилаҵара аҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа
Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә комиссиа алахәыла, Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа арадио Sputnik аҟны иҳәеит ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ибаҟа Аҟәа аргыларазы жәларбжьаратәи аицлабра шрылаҳәахо.
Занҭариа Аҟәа Арӡынба ибаҟа аргыларазы: ахшыҩеилаҵара аҭахуп

"Ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҿагылараҟны аиааира ҳзыргаз аҵарауаҩ, академик Владислав Арӡынба идунеи аниԥсах ашьҭахь Аԥсны анапхгара аусԥҟа рыдыркылеит ихьӡ акамыршәразы. Анаҩс, Жәлар реизара раԥхьатәи ахада изку азакәан аднакылеит. Абаҟақәа рнаҩс ирҿиаратә ҭынха иадҳәаланы аусмҩаԥгатәқәа жәпакы арбоуп. Аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны абаҟазы  аицлабра еиҿкаамызт. Уажәы аԥыза-министр напхгара зиҭо амонументалтә комиссиа ари азҵаара иазыхынҳәит. Ақәҵара ҳадаҳкылеит асахьаҭыхыҩцәеи архитекторцәеи аус рурц, иааиуа амза акынӡа ашәагазагақәа, аԥхьатәи ақәыԥшыларатә ҟазшьа змоу ашәҟәқәа ааргарц. Арӡынба идунеи аниԥсах ашьҭахь ирыдыркылаз ақәҵараҟны иаҳәон ибаҟа аҭыԥ Ахақәиҭра ашҭаҟны иалхзарц. Ари азҵаара асахьаҭыхыҩцәеи аскульпторцәеи рымацара ирзыӡбом, архитекторцәагьы адԥхьалатәуп, ахшыҩеилаҵара аҭахуп. Абаҟазы жәларбжьаратәи аицлабра рылаҳәоуп", - азгәеиҭеит Занҭариа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0