Дбар: аԥсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы ҳдиаспора иӷәӷәоу аҭыԥ аанакылоит
"Иахьа ҿыӷәӷәала иаҳҳәар ҳалшоит ҳдиспора ахаҭарнакцәа зџьынџь ԥсадгьыл ахь игьежьыз Аԥсны жәлар рыгәҭа иалагылан зегь рыла изларылшоз ала аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара ацхыраара арҭон ҳәа. Ҳдиаспора ахаҭарнакцәа иахьа аполитикеи, аекономикеи, иара егьырҭ агуманитартә программақәа зегьы излахум акгьы ыҟаӡам. Иахьа иаҳа-иаҳа агәра аагоит Владислав Арӡынба аамҭала иаԥиҵаз аструктура иишан ишаԥҵаз. Арепатриациа аус иахьоуп ианалаго, уи ауп аилак астатусгьы зыҳаракхаз, ҳаԥхьаҟа ишьҭоу аусқәа даара ирацәоуп. Ҳдиаспора аԥсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аполитикаҿы иӷәӷәоу аҭыԥ аанакылоит", - ҳәа азгәеиҭеит Дбар.
Шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.