"Ааԥынтәи ацәыргақәҵа" аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАпрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа
Апрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны, хәажәкыра 25 рзы. Ацәыргақәҵа аус ауеит хәажәкыра 31 рҟынӡа.

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Ааԥынра иазку апрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны, хәажәкыра 25 рзы.

Ацәыргақәҵахь инагоуп 60 рҟынӡа усумҭа. Аҟәа инхо Ген Ерген иусумҭақәа даҽакы иалаҩашьом. Иара асахьақәа рҭыхраан ихы иаирхәоит ашприц. Ацәыргақәҵахь икылигеит х-усумҭак, урҭ руак "Сирень для Винсента" ахьӡуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАпрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа
Апрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа - Sputnik Аҧсны
1/3
Апрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа

2/3

3/3

"Ван Гог иусумҭақәа ирылукаар алшоит "Сирень" захьӡу асахьа. Сара сырҿиамҭа еицырдыруа асахьаҭыхыҩ изынашьҭымҭоуп. Шықәсык иназынаԥшуа аус адызулон. Сара схы иасырхәо атехникала аӡәгьы аус иуӡом", - еиҭеиҳәоит Ерген.

Асахьаҭыхыҩ Санкт-Петербург дынхоит, аха лассы-лассы Аԥсны даҭаауеит. Аԥсны дызлаго иусумҭақәа реиҳарак уоуп иахьыхиркәшо.

© Sputnik / Томас ТхайцукАпрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа
Ааԥынтәи ацәыргақәҵа аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Апрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа

Акызаҵәык, асахьа "Храм Святителя Иоанна" 2015 шықәса рзы Аԥсны аҭыхра далагеит, ара иагьыхиркәшеит.

"Асахьа мызки бжаки рҟынӡа садхалеит. Ацәыргақәҵа ашьҭахь Санкт-Петербургҟа изгоит. Нас аҭиразы Европаҟа исышьҭыр ҟалап", - иҳәоит иара, иагьазгәеиҭоит асахьа хәыԥсас 150 000 мааҭ шақәиҵо.

© Sputnik / Томас ТхайцукАпрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа
Ааԥынтәи ацәыргақәҵа аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Апрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа

Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентка Мариа Делԥҳа ацәыргақәҵахь иаалгеит усумҭак. Лара лажәақәа рыла, асахьаҭыхра абзиабара ду лзацуп.

"Сара аиҳарак акерамика снапы алакуп. Асахьаҭыхра ус бзиабараны исыцааиуеит. Ссахьа "Агәыдкылара" ҳәа хьӡыс иамоуп", - еиҭалҳәоит лара.

Арҿиамҭа мчыбжьык иназынаԥшуа аус адылулон. Иара еиҳарак асиурреализм астиль ауп изҵазкуа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАпрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа
Ааԥынтәи ацәыргақәҵа аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Апрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа

Гәдоуҭатәи асахьаҭыхҩы Езаҭ иусумҭақәа ацәыргақәҵаҿ иҟамызт, аха иҩызцәа рҭыхымҭақәа рбаразы дааит. Зегь раасҭа игәаԥхақәаз иреиуоуп "Сирень для Винсента".

Асахьаҭыхра бзиа избо Баграт изы иуадаҩуп акы алкаара. Азал акыр дныҩныс-ааҩнысны ианиба ашьҭахь, еиҳа иаликааз иреиуахеит Адгәыр Амԥар иусумҭа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАпрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа
Ааԥынтәи ацәыргақәҵа аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Апрофессионалцәеи ҿыц аҟазарахь зшьаҿа еихызгази русумҭақәа рцәыргақәҵа

Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа иргәалалыршәеит 2019 шықәсазы Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса шахыҵуа, ус анакәха, "Ааԥынтәи ацәыргақәҵа" уи символра шазнауа.

Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьниа асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа ирзеиӷьеишьеит арҿиаратә насыԥ, иагьреиҳәеит дара агәыӷра дуқәа шрыдырҳәало.

Апрофессионалцәеи ҿыц иалагази русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны, хәажәкыра 25 рзы. Ацәыргақәҵа аус ауеит хәажәкыра 31 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0