00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны АИХ рзы аицлабра рыларҳәеит

CC0 / / Анапҩымҭа
Анапҩымҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрреи Ажурналистцәа реидгылеи Аԥсны АИХ рзы аицлабра еицымҩаԥыргоит 2017 шықәса раахыс.

АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрреи Ажурналистцәа реидгылеи Аԥсны АИХ рзы аицлабра рыларҳәеит, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.

Ҳашыг: 2019-тәи ашықәс зегьы аԥсуа журналистика иашықәсуп

Аҩаша, хәажәкыра 26 рзы Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр Беслан Дбари Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыги рнапы аҵарҩит 2019 шықәса рзы ҳҳәынҭқарра ажурналистцәа рыбжьара арепатриациеи зџьынџь ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл рашьцылашьеи ирызку иреиӷьу ажурналисттә усумҭақәа рзы аицлабра еицымҩаԥыргарц азы ақәҵара.

"Ари аицлабра мҩаԥаагоижьҭеи уажәшьҭа хышықәсоуп. Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра есышықәса уи амҩаԥгара ацҵатәуп ҳәа адыгалара анаҭоит. Сгәанала, ари амилаҭтә проектқәа рахьтә ԥыжәара зҭатәу иреиуоуп. Уи иалнаршоит ҳџьынџьуаа рырхынҳәреи рыԥсадгьыл рашьцылареи аҵак ду шамоу ҳауаажәлар реилыркаара. Дара ирдырроуп ҳрепатриантцәа ҳбиуџьет азы ишеидарам. Урҭ ҳҳәынҭқарра иатәылауаа иашақәоуп", – иаҵшьны иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Аицлабра рхы аладырхәыр ҟалоит Ажурналистцәа реидгыла иалам ажурналистцәагьы.

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрреи Ажурналистцәа реидгылеи Аԥсны АИХ рзы аицлабра еицымҩаԥыргоит 2017 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0