Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гындиа: Аԥсны абна ахала амца акны иҟамлацт

© SputnikСаҭбеи Гындиа
Саҭбеи Гындиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит абнақәа рҿы амцакра лассы-лассы изыхҟьо.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гындиа абнақәа рҿы амцакра иазкны

"Аԥсны абна ахала амца акны иҟамлацт. Ауаа ааԥынразы рбаҳчақәа дрыцқьоит, еизыргаз амца ацрарҵоит, уи анаҩс хылаԥшрада иаанрыжьуеит. Амца  иахылҵыз акәиц иҩаны иҟоу аҳаскьын ианақәшәалак, абылра ахылҿиаауеит. Очамчыра араион амҩаду инаваршәны адәҟьашра ыҟоуп, еиҳарак Аӡҩыбжьа инаркны Очамчыра ақалақь аҟынӡа. Уаҟа абна чықьқәа лассы-лассы амца ркуеит, уи зыхҟьогьы амашьынарныҟәцаҩцәа икарыжьуа аҭаҭын ацыблаахқәа роуп", - инаҵшьны иазгәеиҭеит Гындиа.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ арадио аефир аҿы иҳәеит 2017 шықәса ааԥынразы хыԥхьаӡарала зегь реиҳа амцакрақәа рацәаны ианыҟалаз ҳәа ишыԥхьаӡоу. Сынтәа акәзар, амцарцәаҩцәа идырцәахьеит Очамчыреи Гали рраионқәа рҿы иҟаз абылрақәа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0