Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Корсаиаԥҳа Виолетта Маан лзы: асцена лшьа-лда иалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСветлана Корсаиа
Светлана Корсаиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атеатрҭҵаҩ Светлана Корсаиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәалҭеит Аԥсны Жәлар рартист Виолетта Маан дшыхәыҷыз инаркны аҟазара иацыз аҭакԥхықәра шылныруаз. Хәажәкыра 26 рзы Виолетта Маан иазгәалҭоит лира амш, лара илхыҵит 80 шықәса.
Корсаиԥҳа Виолетта Маан лзы: асцена лшьа-лда иалоуп

"Виолетта Маан еснагь ҳаамҭа иҳацану, ҳаамҭа иақәнаго, иашьашәалоу уаҩуп. Аҿыц убри аҟара имарианы илзааигәаны илыдылкылоит, ахаангьы угәы иаанагарым, абри лықәрахь днеихьеит ҳәа. Сара ахаангьы иҳабжьаз ашықәсқәа сызгәаҭаӡомызт, иахьагьы исызгәаҭом. Виолетта Маан асценаҿы ашәҭ еиԥш иагәылыҷҷоз актрисоуп атеатр аҿы. Лара дыруаӡәкуп даараӡа имаҷу ақалақьтә абиԥара рактиорцәа. Лара арҿиаратә ҭаацәара иалиааз лоуп, 14 шықәса анылхыҵуаз инаркны аҭакԥхықәра закәу лдыруеит. Асцена закәу лшьа-лда иалоуп, ус иҟоу актиорцәа маҷуп. Лара зинтеллект ҳараку актрисоуп, уи зегь раԥхьа игылоу ауп, избанзар зинтиллект ҳараку актиор ироль дшазнеиуа гәынхәҵысҭала акәӡам, уи еснагь иубоит", - азгәалҭеит Корсаиԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0