Венесуела амилаҭтә енергосистема аиҭашьақәыргылара иаҿуп

© Sputnik / Марко Бельо / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВенесуела амилаҭтә енергосистема аиҭашьақәыргылара иаҿуп
Венесуела амилаҭтә енергосистема аиҭашьақәыргылара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Венесуела аиҳабыра атәылаҿ имҩаԥысуа блекаут инадҳәаланы аԥшьаша, хәажәкыра 28 ԥсшьарамшны ирыларҳәеит.

АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Венесуела аиҳабыра атеррористтә жәылара иахҟьаны ааха ду зауз амилаҭтә енергосистема аиҭашьақәыргылара иаҿуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵоит атәыла аимадареи аинформациеи рминистр Хорхе Родригес Twitter аҿтәи идаҟьаҿы.

РИА Новости адыррақәа рыла Венесуела аиҳабыра атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы аԥшьаша, хәажәкыра 28 ԥсшьарамшны ирыларҳәеит. Абри амчыбжь азы ари ахԥатәи ԥсшьарамшуп.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла хәажәкыра 7 рзы Венесуела иреиҳаӡоу, 80% атәыла фымцалашарала еиқәзыршәо "Эль-Гури" ГЕС аҟны авариа ҟалеит. Абри ашьҭахь атәыла аштатқәа 20 фымцалашарада иаанхеит.

Афымцалашаразы Амилаҭтә корпорациа (Corpoelec) иҟалаз Венесуела иаҿагыло диверсиоуп ҳәа ахнаҳәааит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0