"Ҵыԥх сҩыза Иуџьал Сергьегьиаԥҳа лҟны сыҟан Адаԥазар ақалақь. Мызкы иалагӡаны ҳарҭааит еиуеиԥшым ақалақьқәа хыԥхьаӡара рацәала аԥсуаа рхаҭарнакцәа ахьынхо. Урҭ рыбжьара иҟан даара узызҿлымҳахаша ауаа. Жәаҩык- жәохәҩык рҟынӡа срыҿцәажәаны анҵамҭақәа аасышьҭхьан, аԥхьаҩцәа алшара рыман Sputnik адаҟьаҟны ирбартә. Аҩныҟа саныхынҳә сазхәыцит шаҟа аматериал рацәаны еидукылар алшо. Сгәы иҭаскит даҽазны Ҭырқәтәылаҟа ацара алшара соур, сҩыза слыҳәарц ауаа сзылыԥшаарц сзыҿцәажәар зылшо. Аԥсны инхо ҳауаажәлар ашәҟәы-альбом адаҟьақәа рҟны ирбар сҭаххеит рыжәлантәқәа, аҳәаанырцә инхо рашьцәа рыҩаӡара, рхыԥша шыҟоу. Ари ашықәс азы мызкы инацны алшара сыман Ҭырқәтәыла аҟазаара. Сҩыза Иуџьал Сергьегьиаԥҳа лыбзоурала иҳаԥшааит 70-ҩык рҟынӡа зыӡбахә уҳәаша ҳџьынџьуаа. Уа шықәсык инацны аус ууазаргьы имаҷзар ҟалап, избанзар убас ирацәоуп аматериал. Сара срыҿцәажәеит 25 шықәса инаркны 100 шықәса ирҭысхьоу аԥсуа –абаза жәлар рхаҭарнакцәа", - лҳәеит Жьиԥҳа.
Инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡыпҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.