"Аландшафттә дизаин азанааҭ алагалара - ус баша машәырны иҟамлаӡеит, акыр ҵуеит ҳазхәыцуеижьҭеи. Аԥсны аргылара ҿыцқәа цоит, аха урҭ рықәшамықәша, аԥсшьарҭа ҩнқәа, иара ус ахыбрақәа ракәзаргьы, изырԥшӡоу аҵиаақәа реиҭаҳашьа, рныҟәгашьа, урҭ сахьаркырала иԥшӡаны азнагашьа зылшо аспециалистцәа ыҟаӡам. Иааҳартуа аҟәшаҿы астудентцәа ахыслоит аботаника, абиологиа уҳәа реиԥш иҟоу амаҭәарқәа. Уажәы араионқәа зегьы рҿы имҩаԥаагоит абитуриентцәеи ҳареи аиԥыларақәа. ААУ аҿы иҟоу азанааҭқәа ртәы рзеиҭаҳҳәоит, ирҭаху иазҵаартә еиԥш аҭагылазаашьагьы рымоуп. Иахьа аҟазаратә факультет аҿы аҵара рҵоит 131-ҩык астудентцәа, урҭ рахьтә зегь реиҳа Аҟәеи Аҟәа араиони рҟынтә иааиз аҵаҩцәа роуп", - ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.