Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ԥлиаԥҳа: Евразиа жәлар рлакәқәа еидызкыло ашәҟәы аԥсуа лакә анылеит

© SputnikМадонна Ԥлиаԥҳа
Мадонна Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Мадонна Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит аԥсуа лакә Евразиа жәлар рлакәқәа еидызкыло ашәҟәы ишанылаз. Евразиа жәлар рлакәқәа апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыҵыз ашәҟәаҟны раԥхьатәи адаҟьаҟны иануп аԥсуа лакә.
"Хра злоу ахҭысқәа": Ԥлиаԥҳа Евразиа жәлар рлакәқәа рышәҟәаҟны аԥсуа лакә атәы

"Аиашазы, уи даара иҳамҭа дуны иҟалеит ҳара ҳзы. 2018 шықәса анҵәамҭазы Елиста иҭыҵит адунеи ажәларқәа рлакәқәа "Анԥсеи аԥҳаԥсеи" асиужетқәа еидызкыло ашәҟәы. Уи иахьӡуп "Евразиа ажәларқәа рлакәқәа. "Анԥсеи аԥҳаԥсеи". Ашәҟәы апроект ҳалахәхеит ҳаҭҵараадырраә напхгаҩы Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр адиректор, академик Зураб Џьапуа, амонгол жәларқәа ркультуратә ҭынха ацентр анапхгаҩы Евдокиа Хабунова ианидылгала ашьҭахь. Ҳнапхгаҩы иазиԥхьаӡеит апроект афольклористцәа ҿарацәа ҳхы алаҳархәыр, инаҳагӡар бзиоуп, ҳаҭҵаарыдырратә ҳәаа иаҳа аҽарҭбаауеит ҳәа. Сара хаҭала алакәқәа ҭысҵаауеит, адиссертациатә усумҭа аҩра саҿуп. Апроект ҳхы еицалаҳархәит афольклорист Есма Ҭодуаԥҳаи сареи. Анҵамҭа еиҭаҳгаз аагеит 1967 шықәсазы иҭыҵыз Сергеи Лад-иԥа Зыхәба еиқәиршәаз "Аԥсуа фольклор аматериалқәа академик Марр иархив аҟынтә" ҳәа хьӡыс измоу ашәҟәы иану "Анԥсеи аԥҳаԥсеи" рлакә. Атекст аурысшәахь аиҭагараан  иахьынӡалшоз аԥсуа  цәаҩа, аԥсуа ҟазшьа  азынхартә иҟаҳҵеит", - азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0