Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагԥҳа еиҭалҳәеит "Гәыразыла" аҩбатәи акциа шаҟа ԥара еизнагаз

© Sputnik / Томас ТхайцукЕсма Ҳагԥҳа
Есма Ҳагԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" жәларбжьаратәи апроектқәа напхгара рызҭо Есма Ҳагԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Москва имҩаԥгахо агәыҳалалратә концерт атәы.
Ҳагԥҳа еиҭалҳәеит "Гәыразыла" аҩбатәи акциаҟны шаҟа ԥара еизгахаз

"Апроект "Гәыразыла" аҩбатәи ахәҭа нарыгӡеит Аԥсны Жәлар рартист Вахтанг Возба напхгара зиҭо ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Иаирума". Даара қәҿиарала иқәгылеит, иааиз зегьы иргәаԥхеит, ҳахәылԥаз аԥхарра ацын. Аконцерт аԥхьа имҩаԥган агәыҳалалратә аукцион. Уи аҟны ицәырган асахьаҭыхымҭақәа, аԥсарқәа, Ахрик Цәеиба ишьапышьҭа, еиуеиԥшым анаплыхқәа рцәыргақәҵа еиҿкаан, азҿлымҳара зуҭаша алот цәыригеит аралли  иалахәу Ҭемыр Соломко, уи аазхәо алшара рымоуп аицлабрақәа ирылахәу амашьына иақәтәарц. Уи алот ҳзынхеит, иазҿлымҳахаша ҟалап ҳәа ҳгәыӷуеит. Аԥара иаанаго зегьы Викториа Аиба лыхәшәтәрахь ицоит. Иацтәи акциа ҩышә-нызқь мааҭ ҳзаанагеит. Жәеиза лот рҟынтәи быжьба ҳҭиит. Урҭ рахьынтә 70 нызқь мааҭ агеит аукциони аконцерти реиҿкаара. Иахьеи уаҵәи ирылагӡаны иахыԥхьаӡалаз аԥара ахәыҷы лыхәшәтәрахь ишьҭхоит.  Уажәтәи  акциа ҳаналагоз  Амелиа Книазева лзы еизаҳгон аԥара, аха аконцерт ҩымш-хымш шагыз ахәыҷы лыхәшәтәра иазымхоз аԥара Аԥсны Абанк ЦМР аҟынтәи иахырԥхьаӡалеит. Амелиа хәыҷы Москва иманшәаланы аԥҟара лхылгеит", - адырра ҟалҵоит Есма Ҳагԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Агәыҳалаларатә фонд "Ашана" жәларбжьаратәи апроект "Гәыразыла" ("От серца к сердцу" - аред.) аҳәаақәа ирҭагӡаны, хәажәкыра 31 рзы Москва  имҩаԥысит аконцерти аукциони.

Ажәабжьқәа зегьы
0