АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Ҳара Аԥсны адунеижәларбжьаратә аренаҿы аҭыԥ ԥхьаҟагьы адгылара аҳҭалоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба диԥылаанӡа. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.
Лавров иазгәеиҭеит Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара шәкы инареиҳаны аиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи напы шрыҵаҩу, 2014 шықәса рзы напы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра ду аганахьала аусурақәа хра рыманы ишымҩаԥысуа.
Иара убасгьы далацәажәеит адәныҟаполитикатә еинырра алҵшәа бзиақәа шрымоу.
"Ҳара 2015 шықәса рзы ҳнапы зҵааҩыз адәныҟаполитикатә усеицуразы Амеморандум шьаҭас иҟаҵаны ԥхьаҟагьы адгылара аҳҭалоит Аԥсны адунеижәларбжьаратә аренаҿ аҭыԥ арӷәӷәара", - иҳәеит аминистр.
Лавров ахәшьара ҳарак аиҭеит арегионалтә шәарҭадара арӷәӷәараҟны аҩтәылак русеицура, Женеватәи аиҿцәажәарақәагьы убрахь иналаҵаны. Иагьыргәалаиршәеит хара имгакәа Женева имҩаԥысраны ишыҟоу аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу даҽа раундкгьы.